Ердоган: Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҟны иԥсабаратәу агаз аԥшааит

Аҭырқәа адгьылкылҵәаратә ӷба Fatih ԥхынгәы анҵәамҭа инаркны аус ауеит аԥшыхәратә зона "Tuna 1" аҟны, уи Амшын еиқәа аҭырқәа ԥшаҳәаҟынтәи аҩада амшынтә милиақәа 100 раҟара ахьыбжьоу ишьақәыргылоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аҭырқәа адгьылкылҵәаратә ӷба Fatih Амшын еиқәаҟны иаԥшааит аԥсабаратә газ ахьхәыҵоу аҭыԥқәа шәагаала 320 миллиард кубометра, иҳәеит атәыла ахада Таиип Ердоган.

"Ҳара ҳаӷба Fatih агаз ҭаҵәах дуқәа аԥшааит Амшын еиқәаҿы, уи ашәагаа инықәырԥшны 320 миллиард кубтә метр ыҟоуп", - иҳәеит Ердоган ижәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны.

Уаанӡа АИХқәа ишырҳәоз ала, агаз аҵхразы 7-10 шықәса аҭаххоит, иагьақәхарџьтәхоит 2-3- миллиард доллар.