Шьамтәыла фымцалашарада иаанхеит агазмҩангага аԥжәара иахҟьаны

Шьамтәыла анефҭи аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рминистрра аҳәамҭа ҟарҵеит агазмҩангагаҿы аԥжәара зыхҟьаз атеракт ауп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Шьамтәыла аладатәи ахәҭа Дамаск иахьаҵанакуа агазмҩангага ԥжәеит, уи иахҟьаны Шьамтәыла зегьы афымцалашара ыцәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҳәынҭқарратә телехәаԥшра САР ҵаҵгәыс иааганы.

"Апровинциа Дамаск иаҵанакуа Думаиреи Адреи рраионқәа рыбжьара Арабтә газмҩангагаҿы иҟалаз аԥжәара Шьамтәыла зегьы аҟны азеиԥш фымцарцәарахь икылнагеит", - ҳәа афымцамч аминистр Зухеира Харбутли иажәақәа аанагеит ателехәаԥшра.

Лада Шьамтәыла шьыжьнаҵы амца ахьакыз идырцәеит.

Шьамтәыла анефҭи аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рминистр Али Ганем аҳәамҭа ҟаиҵеит агазмҩангага атеракт иахҟьаны иԥжәеит ҳәа.

"Ҳара ишьақәҳаргылеит аԥжәара адиверсиатә террористтә акт ишахҟьаз", - ҳәа Ганем иажәақәа аанагоит ателехәаԥшра.

Афымцамч аминистр Зухеир Харбутли иазгәеиҭеит сааҭқәак рыла афымцамч атәыла зегь аҟны еиҭашьақәыргылахоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, аԥжәара иахҟьаны астанциақәа хԥа аусура иаҟәыҵит.