Арадио

Дамениа 1990 шықәсазтәи Адекларациазы: раԥхьатәи шьаҿан аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы

30 шықәса раԥхьа, нанҳәа 25 1990 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит Аԥсны Асоветтә Асоциалисттә республика Аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа. Уи адкылара аҵакы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Олег Дамениа.
Sputnik
Дамениа 1990 шықәсазтәи Адекларациазы: раԥхьатәи шьаҿан аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы

"Аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа" - акрызҵазкуа аҭоурыхтә шәҟәы ауп, уи ала ирылаҳәан Аԥснытәи Асоветтә Асоциалисттә республика ахьыԥшымра, иара убас аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аполитика-зинтә шьаҭақәа рзы алаҳәара ҟаҵан.

"Аԥсны иамаз Асоветтә Асоциалисттә республика ҳәа астатус, Асовет Еидгыла аҟны иаиуз, уи амчра иаанагаз астатус акәын. Уи ҳалҵуеит ҳәа ҳәашьа ҳамаӡамызт. Усҟантәи аамҭазы раԥхьатәи шьаҿан. Ари ашьаҿа ҟамҵакәа аҳәынҭқарратә символика адкыларахьгьы ҳазнеиуамызт, ҳазыгьежьит 1925 шықәсазы Аԥсны иамаз Асовет Асоциалисттә республика ҳәа Аконституциа ашҟа. Ақырҭцәа хынҳәит 1918 шықәсазы ирымаз Аконституциа ахь. Ҳара абри Адекларациа ҳадаҳкылеит, уи ала аамҭала ҳаҟазароуп ҳәа, избанзар 1992 шықәсазы асовет ҳәынҭқарра ыҟаӡамызт шьҭа. Ҳаззыгьежьыз 1925 шықәсазтәи Аконституциа аҟны ахәҭаҷқәа руак аҟны иарбан Аԥсны исуверенттәу республикоуп ҳәа. Убри азы мацароуп уахь ҳзыхынҳәыз", - иҳәеит Дамениа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.