Арадио

Кәыбраа: аҳәынҭқарраҟны исыдырҵоз аус аҟны хьымӡӷ сымгандаз ҳәа схәыцуан еснагь

Аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ Амилаҭтә економика акафедра аиҳабы, адоцент Беслан Кәыбраа иахьа 60 шықәса ихыҵит. Аиубилиар арадио Sputnik Аԥсны дсасны даҭан.
Sputnik
Кәыбраа: аҳәынҭқарраҟны исыдырҵоз аус аҟны хьымӡӷ сымгандаз ҳәа схәыцуан еснагь

"Сиира мшы ыҟоуп ҳәа алацәажәара, ажәлар аефир аҟны рырӡырҩра аԥсамзар ҟалап…Ақәра узацәцаӡом. 60 шықәса рнаҩс уԥсҭазаара ҽакала иҟалозар акәхап, аха макьанагьы аҷкәынрахь исырхоит", -ҳәа азгәеиҭеит Кәыбраа.

Иахьазы аиубелиар Аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы еиҳабыс дыҟоуп.

"Сара ԥҟарас исымоу, иарбан ҭыԥзаалакгьы аҳәынҭқарраҟны исыдыргалоз- иҟәнысшьаӡомызт . Исыдыргалоз аҭыԥаҟны ишсылшоз амаҵ зуан. Уанчынуаҩха ухәыцрақәа, умч, улша, удыррақәа иуду аус иадҳәалазароуп, ухатә усқәа аҩбатәи аҭыԥахь ииасроуп. Ус ианыҟамла иҽеим усзуҩхоит… Еснагь схы иҭан хьымӡӷ сымгандаз, сҭаацәа, сабиԥара смырԥхашьандаз, сыхшыҩ аус азы иманшәалахандаз ҳәа. Ари са сзы ихадараз зҵааран",- иҳәеит Кәыбраа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.