Арадио

Амҷба еиҭеиҳәеит акарантин аан Лабраҟа анеира зылшо ртәы

Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Лабра ақыҭан акарантин шеиҿкаахо атәы.
Sputnik

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә-епидемиологиатә маҵзуреи Лабра ақыҭа 14 мшы ҳәа акарантин аларгалеит, адиагноз акоронавирус ззықәыргылаз Лабра анхаҩы иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 23 рзы. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ақыҭаҿы COVID-19 ахҭысқәа хәба азгәаҭан.

Амҷба еиҭеиҳәеит акарантин аан Лабраҟа анеира зылшо ртәы

"Амҩақәа рганахьала хәыҷык иҳагу ыҟоуп, даҽа ҩыџьара амҩақәа кхоит ауаа мныҟәарц азы. 250-ҩык ахьынхо ақыҭаҟны аҳақьымцәа рнеираан 70-ҩык инарзынаԥшуа еизеит, дара ранализқәа ргеит, анаҩс еилкаахоит урҭ ачымазара рымоу ирымаму. Убасгьы Кәтол ԥҳәыск дычмазаҩхеит, Гәдоуҭаҟа дыргеит. Аҭҵаара иаҿуп ачымазара змаз ауаа ирымадаз ҳәа", - иҳәеит Амҷба.

Иара иажәақәа рыла, Лабраҟа уназго амҩақәа рҟны амилициа аусзуҩцәа гылоуп, ақыҭауаа ача рызнанагоит амашьына.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: