Арадио

Џьергьениа Риҵа амҩаду ахь ахаҳә ду алеиразы: амашьынақәа ирықәҳауа иҟамлацызт

Риҵатәи амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьиз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа амҩаду ахь илеиз ахаҳәду зықәҳаз амашьына апассаџьырцәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik

Нанҳәа 26 рзы Риҵатәи ареликттә амилаҭтә парк иахьаҵанакуа, амҩаду 29 акилометр аҟны ахаҳә ду албганы амашьына лас иақәҳаит.

Џьергьениа Риҵа амҩаду ахь ахаҳә ду алеиразы: амашьынақәа ирықәҳауа иҟамлацызт

"Анцәа имч ала, амашьына иҭатәаз ахҩыкгьы ргәы бзиоуп. Руаӡәы Шәачатәи ахәышәтәырҭахь дыргеит, егьырҭ ргәы бзиоуп. Дара Шәача иаангылаз ҽнак ҳәа Аԥсныҟа иааз асасцәа роуп. Томбов ақалақь аҟынтәи иааит ԥсшьара. Уи аҭыԥ аҟны ахаҳә каԥсо ҳәа иадҳамбалацызт. Ари ахҭыс даара зегьы ҳаргәамҵит, аха Ҳазшаз имч ала ауаа ргәы бзиоуп. Аҷкәынцәа зегьы иаразнак аҭыԥ аҟны ҳнеит, амашьына иҭаҳган ацхыраара лас Гагрантәи ҳаԥхьеит. Аӡиа иаҵәаҟны иҳаманы ҳашлеиуаз, ацхыраара лас ҳԥылеит. Аԥҳәыс ахәышәтәырҭахь дымнеиӡеит, сгәы бзиоуп лҳәеит. Ахацәа руаӡәк иацы иаразнак доурыжьит, егьи Шәачатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит, хәыҷык ихәда ааха аиуит. Дшәарҭаӡам, игәы бзиоуп ҳәа ҳзаарыцҳаит", - иҳәеит Џьергьениа.

Иара игәаанагарала Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны ахаҳәкаԥсара иаҳа ирацәахеит ашыц ақәҩаара иахҟьаны.
Шәазыӡырҩы аудио.