"Ҳаҳ ҳәа иарҳәон" – иқьаԥҭахаз ажәытәтәи ҩныргыларак аҭоурых

Уаҭҳара ақыҭан игылоу, Радион Аиба дызхыз ажәытә ҩны аҭоурых ҳзеиҭалҳәоит афольклорист Есма Ҭодуа.
Sputnik

Аԥсуа қыҭақәа рҟны иахьа иуԥылоит имаҷымкәа уажәшьҭа иҭоурыххахьоу ажәытәтәи аҩныргыларақәа. Урҭ аҩнқәа зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк аадырԥшуеит, уи аԥшәмацәа рыԥсҭазааратә нысымҩа. Убас иҟоу иқьаԥҭахаз ажәытә аԥсуа ҩнык гылоуп Уаҭҳара ақыҭан.

1972 шықәсазы ари аҩнаҭа ҭацас инанагаз Таиса Ласариа акыр шықәса раахыс зышә аалмыртыцыз аԥацха лыбжьы мыргаӡо ашәхымс днылагылеит. Алыкә данааха аӷәтәы ҩны хәыҷы ашә "ҷыжь" ааргеит. Азныказы сыла иабаз саршанхеит, уажәгьы аԥшәма ари аҩн хәыҷы дахызшәа акәын акгьы иакьымсыкәа, зегьы рҭыԥаҿы ишыҟаз. Ашә уныҩналаанӡа абарҵаҿы анапыӡәӡәарҭа ҭыԥ ыҟоуп, аган аҿы узныԥшыло асаркьагьы хшьуп. Сахьылыҩнашылаз, аҩныргәаҿы ахәышҭаара амҿыцыблаахқәа ҽҳәан, ахаҿы чуанк кнаҳан, абыржәы-абыржәы амца аҿҿаҳәа инеиқәыланы, аԥшәмаԥҳәысгьы дныҩнагьежьааны абысҭа лурашәа. Ашьҭахьтәи аҭӡамцаҿы архнышьна хшьуп, наҟ-ааҟ егьырҭ еиуеиԥшым анхамҩатә маҭәахәақәа авакнаҳауп.

"Ҳаҳ ҳәа иарҳәон" – иқьаԥҭахаз ажәытәтәи ҩныргыларак аҭоурых

"Хҩык аишьцәа ыҟан: Радион зегьы дреиҳабын, нас Тушьа, аиҵбы – Алексеи. Сара санаанагаз уи дҭаацәарахахьан, акыршықәсагь ҵуан еимеижьҭеи, аха хшаа дрымаӡамызт. Сара сыԥшәма аишьцәа реиҵыб иакәын, аха арра далганы данаа, хазы анхара далагеит. Ари аҩнаҿы аиҳабы даанхеит. Ус иара иҭаххеит. Ари аҩны шәкы, ҩышә шықәсагьы ахыҵуазар ҟалап. Сабхәа иашьеи иареи уброуп иахьыҩныҵыз. Иашьа аибашьра дҭахеит, дахьцаз дыхнымҳәӡеит, 1941-1945 шықәсқәа рзы, Ҭунҭи. Санхәа иахьылааӡаз убри аҩнаҿоуп. Са схаан исымбаӡеит, аха абри аҩны дыргылаанӡа даҽа ҩныкгьы ыҟан, иҩаскьаганы. Абри ҳаҩны ахьгылоу уаанӡа қәацәк гылан, ишышны абас, абри аԥацха шыҟарҵо еиԥш", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Таиса Ласариа.

"Ҳаҳ ҳәа иарҳәон" – иқьаԥҭахаз ажәытәтәи ҩныргыларак аҭоурых

Аԥшьыркца ӷәыла иҟаҵоу ари аҩны хәыҷы, усҟан ԥацхаҵас ирымаз акәын лҳәоит ҳзыҿцәажәо. Аракәын иара аԥшәма тәарҭас-гыларҭас иахьимаз, аишәа асқам еиҵыхгьы араҟа игылан, аӡә дааиргьы уаҟа дидикылон. Аганаҿы ҩ-еихагылак змоу акәасқьа гылоуп. Уи ааҩс, арымарахьала игылоуп аџьықәреи зҭарыԥсоз ацагьы. Аԥшәма Аиба Радион Кадыр-иԥа злеишәа џьбараз аӡә иакәын ҳәа ақыҭауаа иӡбахә рҳәоит, иҳәатәы уаҩ дахыԥомызт, "ҳаҳ" ҳәа иарҳәон, агәарабжьара даныбжьысуаз ишьхәа абжьы рганы акәын дшиасуаз рҳәоит.

"Ҳаҳ ҳәа иарҳәон" – иқьаԥҭахаз ажәытәтәи ҩныргыларак аҭоурых

"Ԥсыуа маҭәамзар акы ишәиҵомызт, иара ус быбыцк икьысыр ҟаломызт, дпашәкакараӡа, ишьаҵа инаркны зегь цырцыруа, џьара данынҭыҵуаз, абри имахәҿа абжаранӡа, абжаранӡаҵәҟьагьы акәым, аха нас маҷк иааушәа иҟаз анапҭарԥа шкәакәақәа имӷаиҵон. Имагәшьхәа ашьҭыбжь уаҳауа дныҟәон. Ишьхәа бжьы мыргаӡакәаны агәарабжьара дыбжьысӡомызт. Изиацкқәа ишьаиҵоз ашьхәеи аԥынҵеи рҟны аихатәы ҿаршәқәа аман: ҷрыгә-ҷрыгә-ҷрыгә ҳәа амҩа данысны дцон, абжьы гаратәы. Убас дыҟан. Даарбеит, рызегь иҵәарыхәӡа иҩагылон, пату иқәырҵон", – ҳәа еиҭалҳәоит забхәында иҿаԥхьа иԥсы ҭанаҵы имцәажәоз Таиса Ласариа.

Изларҳәо ала, Радион Аиба абџьармаҭәа аус адиулон, инапала еиуеиԥшым абџьарқәа ҟаиҵон. Иара иҩнаҿы имаҷымкәа инапала иҟаиҵахьаз ашәақьқәеи уи иҭарҵоз ахқәеи ыҟан, аха иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь урҭ акгьы аанымхеит, иршеит. Аус злаиуаз аихатәы мыругақәак уажәыгьы уи дахьтәалоз аҩн хәыҷы иҩноуп.

"Ҳаҳ ҳәа иарҳәон" – иқьаԥҭахаз ажәытәтәи ҩныргыларак аҭоурых