АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Аҭаацәа рхәыҷқәа ирзеиҭарҳәалароуп акоронавирус ашәарҭарақәа ртәы, иара убас аҽрыцқьара аԥҟарақәа зегьы гәарҭалароуп, рҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.
Ахәыҷы еиликаартә изеиҭаҳәатәуп акоронавирус ашәарҭара шаҵоу, иара убас апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәагьы ҟаҵатәуп, рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Уи адагьы рхаҭа иддырбароуп асабрадақәа, анапҭарԥақәа шныҟәгатәу, рнапқәа рыӡәӡәалар шакәу, иааигәаны ауаа ирыдгылар шаҭахым.
Иара убас ахәыҷы инапқәа арзҩыдақәа рыла ирыцқьалароуп ҳәа азгәарҭеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны. Уи адагьы, COVID-19 асимптомақәа арбақәан рдырроуп аҭаацәа, ианаҭаххалак, рҳақьыми дареи еимадазароуп.
Ашкол аҟны ахәыҷы иоур илшо ахьаақәа, иаҳҳәап, абла хьаа, абаҩ-жьышәа хьаақәа уҳәа егьырҭгьы ахәыҷы изцәырымҵырц азы ианахәҭоу иԥсы иршьо, ианахәҭоу аҵара иҵо иҟарҵалароуп, аблақәа ргимнастикеи аҭаалыми идырҟаҵалароуп рҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны.
Аԥсны аҵарашықәс алагамҭазы атәыла Асанепидемстанциа акоронавирустә инфекциа алаҵәареи уи амырҭбаареи рзы аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа зықәныҟәаша абжьгарақәа ҟанаҵеит.