Адырра амш: аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа

Sputnik

Ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны актәи акласс аҵаҩцәа Аԥсны ашколқәа рахь ицеит. Ари ахыԥхьаӡара макьана цәыббра 15 рҟынӡа аҽаԥсахлоит, актәи аклассаа рсиа иацлалоит азы.

Цәыббра 1 азы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ рахьтә 152 шаатыз, аҟәатәи абжьаратә школ №6 акарантин аҿы цәыббра 7 рҟынӡа ишыҟазаауа.

Нанҳәа 17 рзы Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик атәыла аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ҟалҵеит.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, аспорттә секциақәеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҟны аҵаратә процесс аанкыларазы аӡбамҭа аднакылеит. Ашколтә каникулқәа хәажәкыра 30-нӡа инахеит, аха аҵарашықәс ацҵара уаҳа изалмыршахеит аԥкрақәа иахьрыцҵахаз инамаданы. Ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа заҵәык роуп аԥышәарақәа раҭара зылшаз.

Ԥхынгәы 1 инаркны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа аусура алагара иақәиҭыртәит.

Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа ԥышәарада ирыдыркылеит адкыларатә комиссиа аӡбарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 13
Цәыббра 1 азы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ рахьтә 152 шаатыз, аҟәатәи абжьаратә школ №6 акарантин аҿы цәыббра 7 рҟынӡа ишыҟазаауа.
2 / 13
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы иазкыз агәырӷьаратә цәаҳәахьы ахәыҷқәа рышәҭқәа рыманы иааит.
3 / 13
Ахәыҷқәа зегьы еиԥшны ари амш иазыҟам, шьоукы алахьеиқәҵара рзацуп.
4 / 13
Агәырӷьаратә цәаҳәа актәии ажәеизатәии аклассқәа рзы имҩаԥган.
5 / 13
Егьырҭ аклассқәа рҵаҩцәа иаразнак аурокқәа рымҩаԥгара иалагеит.
6 / 13
Актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа рыбжьара иҟан зылаӷырӡ зызнымкалозгьы.
7 / 13
Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа.
8 / 13
Ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны актәи акласс аҵаҩцәа Аԥсны ашколқәа рахь ицеит.
9 / 13
Аҵарадырра амҩа ианылаз ахәыҷқәа гәырӷьоит.
10 / 13
Первый звонок – событие, которого долго ждали дети и их родители.
11 / 13
Аҟәатәи абжьаратә школқәа рахь актәи акласс ҳәа инеит 800-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
12 / 13
Ажәҩан ихалырҵаз аԥышәҭырчқәа ирыхәаԥшоит ахәыҷқәа.
13 / 13
актәи аурок аҟны арҵаҩы ашколхәыҷқәа анбанқәа длырбоит.