Арадио

Шамԥҳа Бабышьира ахәыҷбаҳча аартра амш азы: иаҳа азҿлымҳара ҳаур ҳҭаххеит

Гәылрыԥшь араион Бабышьира аҳаблаҟны иҟоу ахәыҷбаҳча "Ҟәараса" аиҳабы Есма Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит аиҭашьақәыргылара анаҩс ахәыҷбаҳча анаартхо, шаҟаҩы ахәыҷқәа рыдкылара иазхиоу атәы.
Sputnik
Шамԥҳа Бабышьира ахәыҷбаҳча аартра амш азы: иаҳа азҿлымҳара ҳаур ҳҭаххеит

"Ахәыҷбаҳча ҳазҭоу амза хԥа рзы иаартхоит. Сентиабр акы иалагӡаны акәымкәа, хәыҷык иаҳа ҳҽырԥшӡаны аартра мҩаԥаҳгар ҳҭаххеит… Иаҳа алаԥшықәҵара ҳаурц азы амза хԥа рахь иахаҳгеит. Ахәыҷбаҳчаҟны 70-ҩык ҳадаҳкылоит", - лҳәеит Шамԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.