Арадио

Ҳалбад аҵарашықәс ҿыц апандемиа аамҭазы: ҳазыҟаҵаӡам

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аметодист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц азы аҵаратә процесс аиҿкаашьазы лгәаанагара.
Sputnik
Ҳалбад аҵарашықәс ҿыц апандемиа аамҭазы: ҳазыҟаҵаӡам

"Ииашахаҭаны абри апроцесс шԥацацәҟьои ҳәа еилкааны еилфаҷа аӡәы идыруеит ҳәа исыздыруам. 30 минуҭ заҵәык аурок аҟны иарԥхьаны, ари аамҭазы ачымазара умыхьуа, 45 минуҭ аныҟоу ачымазара ухьуа убригьы сыздыруам. Амала ҩ-сменакны иҟарҵеит, уи иахҟьазар акәхап аамҭа иаҳа амаҷра. Уажәы ауадаҩра иаҳа иӷәӷәаны иахьцәырҵуа Аҟәа ауп. Ари иҟалаз ачымазара ишьҭаҵуа-ишьҭаҵуа иахьанӡа иааҳгоз апроблема ирџьбараны ицәырнагеит, ҳашколқәа рҟны иахәҭоу ахыԥхьаӡара акәымкәа ҩба-хԥа еиҳаны ахәыҷқәа ҭоуп. Ашколқәа рҟны иара усгьы ҩ-сменак ыҟоуп. Сгәаанагарала ашкол ахь ахәыҷқәа ишахәҭоу ицароуп, ҳшаԥхьалац еиԥш, ма иаҟәыҵроуп. Сшахәаԥшуа ала ари еиҿкаашьа рзаҭаӡом. Ақыҭақәа рҟны имариоуп, уаҟа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп, ҩ-сменакгьы ҟауҵар ауеит аԥсшьара аамҭа аурокқәа рыбжьара 15 -20 минуҭ ҟауҵар алшоит, уахь апроблема иаҳа имаҷуп", - лҳәеит Ҳалбад.

Ҳалбад еиҭалҳәеит аурокқәа раамҭа аиҵатәра арҵаҩцәа русура ишаныԥшуа атәы, ачымазара ҿкы иахҟьаны асанитартә –епидимиологиатә маҵзура ирыланаҳәаз аԥҟарақәа рынагӡара ахьынӡалшо азы лгәаанагара.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: