Лукашенко иазгәеиҭеит Урыстәылеи Белоруссиеи рзеиԥш Ԥсадгьыл шеиқәирхо

Белоруссиа нанҳәа 9 рзы атәыла ахада иалхра мҩаԥысит. Аиааира игеит Александр Лукашенко. 26 шықәса ирықәуп иара аҳәынҭқарра ахадараҿы дыҟоуижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Александр Лукашенко аҳәамҭа ҟаиҵеит Белоруссиеи Урыстәылеи аицџьынџь рымоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Иара иазгәеиҭеит ари акзаара аиқәырхара иҽшазишәо.

"Шәара шәҿы ирҳәалакгьы, ҳара ҳҿы иҟарҵалакгьы, ҳара зегьы ҳзеиԥш Џьынџь еицаҳахьчоит. Еишьагәыҭу ажәларқәа ҩба зқәынхо ари аџьынџьдгьыл – Брест инаркны Владивостокнӡа инаӡоит", - иҳәеит Лукашенко.

Атәыла ахада Урыстәылеи Белоруссиеи русеицура ацҵара атәы далацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, атәылақәа рыбжьара аицәыхьшәашәара аҭыԥ шамазгьы, Москвеи Мински русеицура иацырҵоит.

Аиҿагыларақәеи аҭакрақәеи: Белоруссиа ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз

"Ҳара ҳаишьцәоуп. Иахьатәи аҭагылазаашьа урокуп. Алкаақәагьы ҟаҵатәуп. Урыстәыла ахадеи сареи урҭ алкаақәа ҟаҳҵахьеит", - иҳәеит Лукашенко.

Иара иазгәеиҭеит белоруссиатәи аекономика Урыстәыла ишадҳәалоу.

Анҭыҵтәи аполитикаҿ Лукашенко акыршәышықәсатәи авектор ацәхьаҵра иҭахым.

"Аҭагылазаашьа шыҟазаалакгьы, авекторрацәатә политика мҩаԥаагалароуп", - иҳәеит иара Барановичи данықәгылоз.

Лукашенко иазгәеиҭеит Белорусь ахаангьы Урыстәыла ишацәхьамҵуаз. Анефт аганахьала иҟаз апроблема альтернативатә ӡбашьақәа рыԥшаара шақәшәахьазгьы.

Белоруссиа ахада иазгәеиҭеит иара Мраҭашәарахь иҿы ирҳәызшәа ирыларҵәо аинформациа хыҭхәыцаауп ҳәа.