Арадио

Арҷелиаԥҳа COVID-19 аҟнытә аҩны зҽызхәышәтәуа рзы: сааҭла ҳанрацәажәогьы ыҟоуп

Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит акоронивирус аҟнытә аҩны зҽызхәышәтәуа ачымазаҩцәа шымҩақәылҵо атәы.
Sputnik
Арҷелиаԥҳа COVID-19 аҟнытә аҩны зҽызхәышәтәуа рзы: сааҭла ҳанрацәажәогьы ыҟоуп

"Аҩны аҳақьым ихылаԥшрала зҽызхәышәтәуа ачымазаҩцәа есыҽны ҩынтә хынтә ирзасуеит, ргәалаҟазаара шыҟоу рарҳәоит. Убри алагьы ирҳасабуеит аҩны даҟазаауа, ахәышәтәырҭахь дышьҭтәу. Аха акоронавирус зыдбалаз убри аан еиҭа чымазаара даргәамҵуазар, усҟан иаразнак Гәдоуҭаҟа дҳашьҭуеит. Иахьазы ҭелла 12 -ҩык ачымазаҩцәа ныҟәызгоит. Шьоукы рҽымазара атәы анеилыркаалак даара ишәоит избанзар, амассатә информациатә хархәагақәа рҟнытә ироуа аинформациа агәҭынчымра рызцәырнагоит аҟнытә ишәоит, аԥхьа акыраамҭа ҳрацәажәоит, сааҭкгьы ҳанрацәажәо ыҟоуп. Аԥхьатәи амшқәа рзы хынтә ԥшьынтә ианасуагьы ыҟоуп. Уи адагьы ҭелла иаарышьҭуеит ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы, дара зегьы рызҵаарақәа рҭак роуеит", – ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.