Ашколтә медеиҳәшьа еиҭалҳәеит аҿкы аҽацәыхьчараз аԥҟарақәа ишрықәныҟәо атәы
© Sputnik
"Ашкол иҩнало зегьы рнапқәа ҳрыцқьит, зегьы ршоура гәаҳҭоит. Згәы бзиамыз ҳәа аӡәгьы далкаамызт, зегьы ршоура 37 еиҳамызт. Аҭаацәа ашкол анҭыҵ иаанхеит, ашкол иҩнало аҵаҩцәа роуп. Ҳусура асааҭ ааба инаркны ҳалагоит, сааҭк иалагӡаны зегьы ргәаҭара ҳалҳаршоит. Убас аус ҳаулоит адҵа ыҟанаҵ. Аԥҟарақәа ахәыҷқәа гәахәарыла ирыдыркылоит, даара аинтерес рзаҵоуп, аӡәгьы мап ацәикуам арзҩыдарақәа. Асабрадақәа ракәзар, ахәыҷқәа урҭ рҿам, измоу арҵаҩцәеи ҳара амедеиҳәшьцәеи ҳауп. Иаҭаху арзҩыдаратә маҭәахәқәа рыла ашкол макьаназы еиқәшәоуп. Асабрадақәа - арҵаҩцәа рхала иаархәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Адлеиԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит