Чхьеиӡе Ерик Аншба изы: иахьа дызбаз уаҵәы дихашҭуамызт
© Sputnik
"Ерик 80-тәи ашықәсқәа раахыс иаргьы саргьы ҳаибадыруан, аҵара ашьҭахь аус еицаауан. Ҳҩызара камыжькәа иныҟәаҳгон, иахьагьы иара дыҟам, аха ҳаиҩызара аԥсы ҭоуп. Аҩыза изы ихатә ус кажьны, иҩыза итәы дашьҭалон. Ерик иахьа дызбаз уаҵәы дихашҭуамызт. Хәыҷи-дуи иреиҳәашаз идыруан, рацәажәашьа дақәшәон. Аӡәы бзиарак абаизыҟасҵари ҳәа акәын дшыҟаз. Аибашьраангьы иџьабаа даара иӷәӷәан, иқәымҿиоз зегьы хьааигон, игәыҟанӡа инаигон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чхьеиӡе.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.