Ҭырқәтәыла Бырзентәылеи иареи рҳәаахь атанкқәа нанашьҭуеит

Бырзентәылеи Ҭырқәтәылеи аҽԥныҳәақәа еибырҳәоит урҭ ринтересқәа ирықәымшәо амшынтә ҳәаақәа рделимитизациазы изакәаным аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарыҩуеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Бырзентәылеи иареи рҳәаа иаԥну аҩада-мраҭашәаратәи апровинциа Едирне ахь алада-мрагыларатәи апровинциа Хатаи аҟынтәи атанкқәа нанашьҭуеит Мрагыларатәи Абжьарамшынраҿы иҟоу акризис инамаданы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭырқәа агентра IHA адырраҭара ҵаҵгәыс иганы.

Агентра арратә хыҵхырҭақәа ринформациала, 40 танк мҩанызгоз ҩ-конвоик атехника аманы Шьамтәыла аҳәаа иаԥну апровинциа Хатаи Реиханлы араион ааннажьит. Урҭ Едирнеҟа инаргоит аихамҩала.

Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы Афинқәеи Анкареи реизыҟазаашьақәа иаалырҟьаны иуадаҩхеит. Уи зыхҟьаз аҭырқәа ӷба Oruç Reis Мрагыларатәи Абжьарамшынраҿы Бырзентәыла иара иахатәуп ҳәа иаԥхьаӡо араион аҿы асеисмологиатә ҭҵаарақәа иахьрылагаз ауп.

Бырзентәвыла Арбџьармчқәа рымчқәа азыҟаҵан итәоуп. Ҭырқәтәыла иара убас аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит Кипр иахатәуп ҳәа иаԥхьаӡо араион аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: