Амҩа иацәхҟьеит: Шәача ашьхараҿы иӡыз атуристцәа вертолиотла иааргоит

Аиқәырхаҩцәа еилыркааит Твернтәи атуристцәа ҭыԥс иахьыҟоу. Атуристтә гәыԥ иалаз рахьтә аӡәгьы ааха имоуит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Шәачатәи ашьхараҿы амҩа иацәыхҟьаны иӡыз атуристцәа вертолиотла ихаргалоит, урҭ ахьыҟоу аҭыԥ еилкаауп, абри атәы аанацҳауеит ақалақь-акурорт ахадара.

"Зегьы рыԥсқәа ҭоуп, аӡәгьы акгьы имыхьӡеит. Уи ауп зегь реиҳа ихадоу. Аимадара шаароузҵәҟьа иаразнак аоперштаб ахь иасит. Ақалақь аиқәырхаратә маҵзурақәа, 187-ҩык инареиҳаны, атехника 16 ак, авертолиот урҭ рыԥшаара иаҿын. Уажәы уахь амҩа ҳақәуп, ашьхантәи рылбаагаразы", - иҳәеит Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородский.

Иара иажәақәа рыла, аоперативтә штаб аилатәараан иара хаҭала Твертәи аобласт аиҳабыра иҽрымаданы иӡыз атуристтә гәыԥ алахәылацәа зегьы рзы инарҭбаау аинформациа аилкааразы.

Шәача иӡыз атуристцәа рхабар ҟарҵеит

11-ҩык злоу агәыԥ Шәача ашьхараҿы иҟоуп, урҭ рыуацәа рхабар рыздырӡом ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит цәыббра 6 асааҭ 23:25 рзы.

Зхыԥхьаӡараҿы ааҩык ахәыҷқәа (қәрала жәба инаркны 16 рҟынӡа зхыҵуа) ыҟоу 11-ҩык злоу зыҽҭазымҩыз агәыԥ ашьыжь, цәыббра 6 рзы Шәача ақалақь Адлертәи араион аҳабла Есто-Садок аҟынтәи идәықәлеит Роза Пик араион аҿы ашьхара иаԥну аӡиахь (аҳаракыра 2320 метра) Роза Хутор аладатәи анаараҿы. Анаҩс дара аимадарахь уаҳа ицәырымҵит.

Ашьыжь, цәыббра 7 рзы дара рхабар ҟарҵеит.