"Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр идҵа инақәыршәаны Гал араион аҟны аҵаратә процесс цәыббра акы инаркны ҳалагеит. Араион ахадареи ҳареи ҳгәаҳҽануп ачымазара аганахьала. Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рызхара акадрқәа ҳамоуп, аимадара бзиа ҳабжьоуп. Есҽны адырра ҳарҭоит, ахәыҷқәа ршоура халаны аӡәы аҩныҟа дрышьҭуа, ус еиԥш макьана аҭагылазаашьа ҟамлацт. Араион аҟны асанитартә –епидимиологиатә маҵзура аиҳабыи сареи иахьа ҳаицәажәон. Ахәыҷқәа ашкол ахь имааир, амедицинатә аилыркаа ааргароуп", - лҳәеит Габелиа.
Убри аан иазгәалҭеит арзҩыдаратә маҭәашьарқәа рыла ашколқәа шеиқәыршәам.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҳалбад аҵарашықәс ҿыц апандемиа аамҭазы: ҳазыҟаҵаӡам
Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит