Шәача иӡыз атуристцәа рхабар ҟарҵеит

Аиқәырхаратә операциа иалахәуп 60-ҩык инареиҳаны ауаа, шьыжьнаҵы аԥшаарақәа ирылагеит авертолиот Ми-8 алагьы. Уи адагьы иадԥхьалоуп аҽтәы-кинологтә гәыԥ хә-ҽык ирықәтәаны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Амҽыша аахижьҭеи аиқәырхаҩцәа Шәача ашьхақәа рҿы изышьҭаз хҩык адуцәеи ааҩык ахәыҷқәеи рхабар ҟарҵеит, абри атәы РИА Новости иазеиҭарҳәеит Краснодартәи атәылаҿацәа апрокуратура.

Атуристцәа адырра ҟарҵеит дара зегьы рыԥсы шҭоу. Урҭ ахьыҟоу аҭыԥ ахь аиқәырхаҩцәа рышьҭит ҳәа иазгәарҭоит апрокуратураҿы.

11-ҩык злоу агәыԥ Шәача ашьхараҿы иҟоуп, урҭ рыуацәа рыҽрызрымадаӡом ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит цәыббра 6 асааҭ 23:25 рзы.

Хҩык адуцәеи ааҩык ахәыҷқәеи Шәача ашьхараҿы иӡит

Зхыԥхьаӡараҿы ааҩык ахәыҷқәа (қәрала жәба инаркны 16 рҟынӡа зхыҵуа) ыҟоу 11-ҩык злоу зыҽҭазымҩыз агәыԥ ашьыжь, цәыббра 6 рзы Шәача ақалақь Адлертәи араион аҳабла Есто-Садок аҟынтәи идәықәлеит Роза Пик араион аҿы ашьхара иаԥну аӡиахь (аҳаракыра 2320 метра) Роза Хутор аладатәи анаараҿы. Анаҩс дара аимадарахь уаҳа ицәырымҵит.

Акурорт "Роза Хутор" адыррақәа рыла, атуристцәа дара ротельқәа рҿы рыԥсы ршьаӡомызт, агәаанагара ыҟоуп дара акурорт иаҵанакуа амҩахәасҭақәа рыла акәӡам ашьха ишцаз