"Кавказ ахьчараз аибашьра анцоз, ажәыларақәа ирылахәын, лымкаала, ашьхақәа бзианы издыруаз, уи иаҿалоз ашәарыцаҩцәа, урҭ рыбжьара иҟан аԥсуаагьы. Асовет архәҭақәа Кавказ аибашьра иазхиаӡамызт. Ус иҟалеит иахьа уажәраанӡагьы акаҵәарақәа рҿы аԥсыбаҩқәа рацәаны иҟоуп, урҭ иҭҵаамкәа иаанхоит. Ҵыԥх иҳамаз Санчаратәи акаҵәараҿы аекспедициаан ирацәаны абџьари аԥсыбаҩ ҳаԥшааит. Сынтәатәи ҳусура хәымш ицон, амшқәа бзиа ҳақәшәеит. Усҟан аибашьара аӡын аамҭа иақәшәеит, иҭахоз асолдаҭцәа зегьы ашьхантә ирзылбаагомызт, уа иаанрыжьуан, иҟан ацаҟьа иалҟьоз, машәырла иҭахозгьы, ирацәан арыцҳарақәа. Сынтәатәи ҳаекспедиациаҿы еиҭа иԥшаан аԥсыбаҩқәа. Иҭахаз асолдаҭцәа рҿаԥхьа ҳхырхәан рыԥсыбаҩ аиҭагара шаҳҭаху атәы ҳәаны илбааҳгеит. Анаҩс иӡбахоит дара анышә иахьамадахо аҭыԥ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҵәыџьба: иҭахаз зегьы рыбаҩқәа анышә ианамадахалак ауп, аибашьра еилгеит ҳҳәар анҳалшо
Ар ҟаԥшьаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы Аԥсны ашьхараҿ аекспедициа аусура иалагоит