Арадио

Кәакәасқьырԥҳа Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны апарламент ахь аиҭалхрақәа рзы: ҳрызхиоуп

Гагра араион Бзыԥҭа аҳабла алхратә комиссиа ахантәаҩы Асида Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит Жәлар реизара адепутатрахь аиҭалхрақәа рымҩаԥгара иахьынӡазхиоу атәы.
Sputnik
Кәакәасқьырԥҳа Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны апарламент ахь аиҭалхрақәа рзы: ҳрызхиоуп

Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит цәыббра 13 рзы. Аԥсны Жәлар реизарахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭимур Беиеи Ҭамаз Леибеи.

"Бзыԥтәи ажәабатәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны хә-нызқьҩык инареиҳаны алхыҩцәа ҳамоуп, алхырҭатә ҭыԥқәа хәба. Урҭ хиоуп, асиақәа хаҳшьхьеит. Изҭаху днеины заанаҵы игәеиҭар илшоит дахьану, иномер арбану, алхрақәа рыҽны даннеиуа иаҳа иԥшаара мариахарц азы…Ҳазҭоу амза 12 ахәылбыҽха асааҭ 6 рҟынӡа ичмазаҩцәоу рҟынҭәи арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит, дара рыхьӡала иааргар ҟалоит изырҭо, алхрақәа рыҽны акомиссиақәа рхаҭарнакцәа дара рахь инеиуеит", - лҳәеит Кәакәаскьырԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: