Арадио

Миқаа Галтәи ателехәаԥшра аусуразы: ҿыц аԥсы ахаҵаны ауаа ирбарцаз ҳаҿуп

Аинформациатә ҿиаразы Гал араион ахада иабжьгаҩ Ерик Миқаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит галтәи ателехәаԥшраҿы ихацыркхо апроект ҿыцқәа ртәы.
Sputnik
Миқаа Галтәи ателехәаԥшра аусуразы: ҿыц аԥсы ахаҵаны ауаа ирбарцаз ҳаҿуп

"Араионтә телехәаԥшра ҿыц аԥсы ахаҵаны, даҽакала ауаа ирбарцаз, ҳаҿуп. Араион ахадареи ауааԥсыреи ирыбжьоу аимадара, урҭ еидызҳәалоу азҵаарақәа ауаа рҟынӡа анагара ҳуалуп. Галтәи ателехәаԥшра ибзиоу ресурсуп ажәабжь аларҵәаразы, имаӡам Кырҭтәыла ари ателехәаԥшра игәцаракны ишаҳәапшуа. Убри аҟнытә аинформациа азнеишьа, атехника аҭагылазаашьа ҳарҳаркырц ҳҭахуп. Аԥсны егьырҭ араионқәа реиԥш Гал араионгьы ԥхьаҟа ицарц ҳҭахуп. Ателехәаԥшра штатла арҭбааразы макьана аҭагылазаашьа ҳамаӡам, аха аԥсуа бызшәа гартә еиԥш апроектқәа срызкуп. Иаарласны ажәабжьқәагьы ԥсышәала имҩааԥаагалоит", - еиҭеиҳәеит Миқаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.