Арадио

Аҵарауаҩ – абиолог Бебиа: сусура бзиа избоит, са сзы аԥсшьарамшқәа ыҟаӡам

Аҵарауаҩ-абиолог, абнааӡаҩ, апрофессор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа иахьа 80 шықәса ихыҵит. Аҵарауаҩ арадио Sputnik Аԥсны дсасны даҭан.
Sputnik
Аҵарауаҩ – абиолог Бебиа: сусура бзиа избоит, са сзы аԥсшьарамшқәа ыҟаӡам

Сергеи Михаил- иԥа Бебиа дравторуп 100 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, афундаменталтә монографиақәа ҩба. Урҭ Аԥсни Кавкази абнақәа реиқәырхара, хшыҩркрала рхархәара азҵаарақәа ирызкуп. Аҵарауаҩ Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла далахәын, Жәлар рфорум "Аидгылара" анапхгараҭара далан.

Сергеи Бебиа ианашьоуп Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырразы Аҳәынҭқарратә премиа, ихҵоуп аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа, ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара.

"Сусура бзиа избоит. Са сзы асабша, амҽыша ыҟаӡам…иахьынӡасылшо снапы злаку аус уаҩҵас иҟазар сҭахуп. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо сусура ахырхарҭала сыхьӡ ӷәӷәаны ишьақәгылазарц. Абзиара ахьынӡасылшо иҟасҵар сҭахуп, еснагь сазхәыцуеит ацәгьара ҟасымҵарц, аӡәы абзиара изысымуазар ҽакала сныҟәар сҭахым", - иҳәеит Бебиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.