Џьопуа ақыҭанхамҩа иаԥырхагоу ахәаҷақәа рҟынтәи ахәшәтәрақәа рзы: алҵшәа ҽеихом узҳәом
© Sputnik
"Араион аҟны сынтәа 700 гектар инарзынаԥшуа адгьылқәа цәаӷәоуп. Урҭ рахьынтә 600 гектар рҟынӡа аџьықәреи лаҵан. Иахьазы, аҽаҩра аԥхасҭа азҭо ахәаҷамаҷа ахкқәа ҩба-хԥа рҟынӡа ыҟоуп. Ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраарала ахәшәтәрақәа еиҿкаауп, 550 литра рҟынӡа ахәшә ҳраион иазоужьуп, уи зегьы иазхаӡом, убри аҟынтә араион ахадарагьы ацхыраара ҟанаҵоит", - иҳәеит Џьопуа.
Џьапуа агәыӷра ааирԥшит, сынтәа имҩаԥгаз ацитрус шәырқәа рыхәшәтәрақәа ирыбзоураны аҽаҩра бзиахап ҳәа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Барганџьиа аџьықәреи сынтәатәи аҽаҩразы: ҳаззыԥшыз арбагақәа ҳауам
Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит ибаҳча еиуеиԥшым ахәаҷа хкқәа рацәыхьчаразы иҟаиҵо