Еиду Америкатәи Аштатқәа иртәу аҽа ӷбакгьы Амшын еиқәахьы ахы археит

Италиатәи Неаполь иҟоу ЕАА афбатәи афлот аштаб-квартира имҩаԥнагоит НАТО адгылаҩцәеи апартниорцәеи рырра-мшынтә операциақәа напхгара рыҭара.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. ЕАА АМФ Амшын еиқәахь аҽа ӷбакгьы нанашьҭуеит ҳәа аҳәоит ЕАА афбатәи афлот адырраҭараҿы.

"USNS Yuma, ЕАА арра-мшынтә флот анапхгара Амшын еиқәа аҵакырахь ахы археит, амшынтә операциақәа рымҩаԥгаразы. Афбатәи афлот Амшын еиқәа арегион аҿы иҟоу НАТО адгылаҩцәеи апартниорцәеи рыцхырааратә операциақәа мҩаԥнагоит аамҭа-аамҭала", - аҳәоит ЕАА АММ 6-тәи афлот Twitter аҿтәи анҵамҭаҿы.

Уаанӡа Амшын еиқәа акваториахь иҭалахьан аесминец "Рузвельт" аракетатә бџьар ақәыргыланы.

USNS Yuma ашықәс иаалагазар Амшын еиқәа аӡқәа ирҭалаз америкатәи абыжьбатәи ӷбоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: