Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гыцба анаука-практикатә форум иазкны

Аҵарауаҩ Инал Гыцба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аибашьратәи афырхаҵаратәи тематика жәлар рҟазараҿы" ҳәа хьӡыс измоу анаука-практикатә форум аҵарауаа ҿарацәа рзы ҵакыс иамоу атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гыцба анаука-практикатә форум иазкны

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус ауеит жәларбжьаратәи анаука-практикатә форум.

"Афырхаҵара аганахьала ҳара ҳкультура хьысҳаны иҟаӡам, убри ауп ари афорум ара амҩаԥгара алзыршазгьы. Аԥсуаҭҵаараҿы ашьаҿақәа ааигәа иҟазҵаз ҳзы ԥышәа дуӡӡоуп, насыԥны исыԥхьаӡоит, абас еиԥш аҵарауаа хатәрақәа рыгәҭаны ажәа аҳәара азин ахьҳамоу. Аконференциа аҩныҵҟа ишьҭукаауеит еиуеиԥшым аԥышәақәа. Ара азанааҭқәа еиларсуп: иҟоуп амузыка аганахьала, аҭоурых, афилологиа уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус ауеит аконференциа. Уи аԥышәа унаҭоит, удунеихәаԥшра арҭбаауеит, аимадара ҟамҵакәа ҳтәыла мацара ҳҭагьежьны аҵарауаа ҿарацәа анаука ԥхьаҟа иҳазгом", - еиҭеиҳәеит Гыцба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: