Нанба Бармышь ақыҭазы: амчымхара еиҳарак ашкол аҟамзаароуп изыдҳәалоу
© Sputnik
"Бармышь 121 ҭӡы нхоит. Аарҩара иахҟьаны аӡазы хәыҷык ауадаҩрақәа ҳамоуп. Егьыс амҩақәа цәгьаӡам. Амшцәгьақәа раан аҩарқәа амҩақәа ахьыргаз ыҟоуп, аха араион аҟынтәи ацхыраара ҳарҭоит, иҟаҳҵап ҳәа сгәы иаанагоит. Зхы иахәаны инхо изы ақыҭаҟны ицәгьаӡам", - иҳәеит Нанба.
Ақыҭаҟны ашкол ыҟаӡам, уи иахҟьаны ахәыҷқәа зманы ақалақь ахь ицаз анхацәа уаҳа имгьежьӡеит ҳәа азгәеиҭеит Бармышь ақыҭа ахада.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.