Габелаиа Аҟәеи Очамчыреи еимаздо амҩа арлашаразы: иӡбахоит ҳәа агәрагара ҳарҭеит
© Sputnik
Ааигәа Очамчыра иҟаз аизараҟны (Аԥсны ахада дызлахәыз араион актив реизара - аред.) аекономика аминистр Кристина Озган илҳәеит ақыҭақәеи ақалақь аҩныҵаҟеи амҩақәа ирҽеихо ртәы, иара убас амҩа хада шырлашахо. Аиашазы, уахынла амашәырқәа рацәаны иҟалоит Очамчыреи Аҟәеи еимаздо амҩа ахьырлашам иахҟьаны. Хара имгакәа уи арлашара аус шыӡбахо ҳәа агәрагара ҳалҭеит. Ари ашықәс нҵәаанӡа ахьӡара уадаҩхар ҟалап, ҳазҭало ашықәс ҿыц алагамҭазы ҳәа ауп ацәажәарақәа шыҟоу", - иҳәеит Габелаиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.