Лукашенко Белоруссиа ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит

Александр Лукашенко иҭоубашьҭаҵара ацеремониа акыр ирмаӡан. Асасцәа наԥхьан иара аламҭалаз.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Александр Лукашенко Белоруссиа ахадас аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Лукашено, атәыла Аконституциа инақәыршәаны, белорус бызшәала аҭоуба шьҭеиҵеит, "Ареспублика Белорусь ажәлар рымаҵ шиуа, ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи шихьчало, ламысцқьала инап ианҵоу аҭакԥхықәра дшаҵагыло" атәы иҳәеит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

Ахада иалхрақәа мҩаԥысуан нанҳәа 9 рзы. Аофициалтә дыррақәа рыла, Лукашенко изы рыбжьы арҭеит  80,1% алхыҩцәа. Азеиԥш бжьыҭара 84,28% артәеит, заанаҵы рыбжьы рҭиит 40% абжьыҭара азин змаз ауааԥсыра.

Алхрақәа рылкаақәа анрыларҳәа ашьҭахь Белоруссиа урҭ ирықәшаҳаҭмыз ақәгыларатә акциақәа рымҩаԥгара иалагеит.

Европа атәылақәак рҿы Александр Лукашенко Белоруссиа ахадас иҟалара ашьҭахь дшазхарымҵо азы аҳәамҭақәа ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри аҩыза аҳәамҭақәа ҟарҵеит Прибалтика атәылақәа, Словакиа, Германиа.

Нанҳәа 9 рзы имҩаԥгаз алхрақәа рышьҭахь Лукашенко идныҳәалеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, иара убас Азербаиџьан, Ермантәыла, Виетнам, Казахстан, Китаи, Таџьикистан, Ҭырқәтәыла рхадацәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: