Арадио

Тыҩԥҳа еиҭалҳәеит аҿкы чымазаразы Тҟәарчал аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аҿктәы ҟәша амедиаҳәшьа еиҳабы Емма Тыҩԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 зманы ирыдҵаалаз шаҟаҩы ыҟоу, урҭ рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Тыҩԥҳа еиҭалҳәеит аҿкы чымазаразы Тҟәарчал аҭагылазаашьа зеиԥшроу

"Ачымазара зыхьыз 17-ҩык ыҟоуп, зҭакқәа аахьоу. Аҩны рҽырхәышәтәуеит 12-ҩык, Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ирышьҭхьоу хәҩык рҟынтәи ҩыџьа ргәы бзиахахьеит. Ачымазцәа рааигәа иҟаз ҳәа 14-ҩык алкаауп, аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп 20-ҩык. Абас иҟоуп иахьазы Тҟәарчал ҳҭагылазаашьа", - лҳәеит Тыҩԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>