Шәачеи Ҟрыми 8,5 миллионҩык атуристцәа рыԥсы ршьахьеит

Сынтәа акурорттә сезон каоронавирустә ԥкрақәа ирхырҟьаны акыр ихьшәаны иаатит. Урыстәылаа реиҳараҩык аҳәаақәа раартра иазымԥшкәа аҭыԥантәи акурортқәа рҿы рыԥсы ршьеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Шәачеи Ҟрыми 8,5 миллионҩык атуристцәа рыԥсы ршьахьеит акурорттә сезон иаалагазар.

"Заанаҵтәи ҳаԥхьаӡарақәа рыла аԥхынтәи амзақәа инадыркны иахьанӡа Шәача рыԥсы ршьеит 2,9 миллионҩык, ашықәс иалагазар – 4 миллионҩык. Ари иалнаршоит ақалақь аекономика аиҭашьақәыргылара", - иҳәеит ақалақь ахада Алексей Копаигородски.

Сынтәатәи асезон ала 21 плиаж жәларбжьаратәи аекологиатә сертификат "Голубой Флаг" ранашьахеит.

Ицәырҵит иҿыцу атуристтә обиектқәеи амаршрутқәеи. Уажәазы Шәача аус руеит 1400 дкыларатә обиект.

Ҟрым акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченко "Вести.Крым" иазеиҭеиҳәеит ареспублика акурорттә сезон иалагазар 4,5 миллионҩык атуристцәа шаҭааз.

Аминистр иажәақәа рыла, 2020 шықәса жьҭаарамзазы аԥсшьаҩцәа рацәаны ишырзыԥшу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: