Мыркәыла ахада иажәақәа рыла, ақыҭаҟны инхоит 1500-ҩык инарзынаԥшуа ауаа, 444 ҭӡы ыҟоуп.
Хәырхәмал еиҭеиҳәеит Мыркәыла инхо рыбзазшьа атәы
© Sputnik
"Ақыҭақәа рҟны иҟоу ауадаҩрақәа еиԥшуп. Амҩаду акаҭран ҽааны иқәырҵоит ҳәа ҳақәдыргәыӷит. Аҵыхәтәантәи ашықәысқәа рзы иҟоуп аӡы азгьы аудаҩрақәа, иҟоуп уи зхатәы џьабаала изыӡбо, аҳәынҭқарраҟынтә ацхыраара заузгьы. Ақыҭаҟны анаплакы ҳәа аӡахәаҭрақәа ыҟоуп, хәыҷык нап адыркын усурҭақәак ҟалеит. Иҳамоуп убасгьы абетон зауад, аконсервтә зауад аӡыхаақәа ахьҭрыжьуа. Уаагьы ақыҭауаа зегьы аус рзымургьы, ҩыџьа-хҩы зҳәаз еиԥш усурҭала еиқәдыршәоит", - иҳәеит Хәырхәмал.
Иара еиҭеиҳәеит убасгьы Мыркәыла ақыҭауаа ртәанчахәы аиура азҵаара шеиҿкаау, ашкол аҭагылазаашьа зеиԥшроу.