"Абџьар иахьа Аԥсны имаҷӡам, иагьымыцхәуп ҳәа уҳәар алшоит. Аха абџьар аҩны аҵәахра - уи акоуп, аныҟәгара - уи даҽакуп. Азакәан аҟны иарбазароуп уи аныҟәгара зықәнагоу. Сара сгәаанагарала абџьар аныҟәгаразы азин рымазароуп Аԥсны амчратә усбарҭақәа, нас зхатә ус иаҿу ашәарҭара иҭагылоу, абизнес иаҿу ауаа, аха уи адепутатцәа ирыӡбозар акәхап, нас атәыла ахада инапы аҵаиҩуеит. Аҩнуҵҟатәи аусбарҭақәа аинструкциақәа аԥырҵоит. Ус иахьабалак ишыҟоу, зхы иааҭашәо зегьы абџьар иган иалыҳәҳәо ақалақь алалара азин имоуп ҳәа игәы иаанагозар, уи дажьеит", - ҳәа иҳәеит Кобахьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Табаӷәуа "Абџьар азы" азакәан азы: изабалак инеины иныҟәыргаразы азин роуа иҟамлароуп
Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала абџьар азы азакәан апроект рыдыркылеит