Арадио

Барцыцԥҳа Кәыдрытәи ацҳаҟны ҩ-фронтк реиқәшәара амш азы: уи ауп аиааира ҳәа исԥхьаӡо

1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Марина Барцыцԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илгәалалыршәеит Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҟны реиԥылара шыҟалаз.
Sputnik
Барцыцԥҳа Кәыдрытәи ацҳаҟны ҩ-фронтк реиқәшәара амш азы: уи ауп аиааира ҳәа исԥхьаӡо

Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдры ацҳаҟны еиԥылеит Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа ирыҵаркуаз, Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы еибашьуаз аԥсуаа рырбџьармчқәа.

"Амза 27 рзы Аҟәа ҳалалеит, ақалақь ахы иақәиҭтәын, адырҩаҽны Агәыӡеранӡа ҳцеит, 29 рзы аҳаиртә баӷәазахь уахьбжьало инаркны ҳдәықәеит. Уамак ҳаццакӡомызт, Владислав Арзынба актәи аефир аҟны дыҟан, иҳәон ҳмыццакыкәа ҳцарц. Дареи ҳареи ҳаиҿамҳарц, уаҳа аԥсҭбарақәа ҟамларц ҳҭахын. Сара ишсгәалашәо ала, асааҭ 11 рзеиԥш ацҳаҟынӡа ҳнаӡеит. Сара сзы, иааидкыланы иуҳәозар, аиааираны исԥхьаӡо, ииашоуп амза 27 рзы Аҟәа ҳалалеит, ахы иақәиҭаҳтәит, аха сентиабр 29 рзы иреиҳау гәеизҳараны иҟалеит. Ҳар еидылеит Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа, уи са сзы зегьы иреиҳау акәын, избанзар шьҭа шаҟа ҳаибашьлазаалакгьы аӡәгьы даҳиааиуам ҳәа исԥхьаӡон, убасҟак ҳамч, ҳажәҩа еибыҭан, ҳаԥхьаҟа ҳусқәа зегь бзиахоит ҳәа иҳаԥхьаӡон", - лҳәеит Барцыцԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: