Арадио

Ажьиԥҳа: аҵыхәтәантәи ажәыларақәа шьала икәабан, ҳгәырӷьарызу, ҳҵәыуарызу ҳаздыруамызт

Тҟәарчал араион акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аиааира амш араион аҿы ишазгәарҭаз, илгәалалыршәеит 27 шықәса раԥхьа ажәабжь шлаҳаз атәы.
Sputnik
Ажьиԥҳа: аҵыхәтәантәи ажәыларақәа шьала икәабан, ҳгәырӷьарызу, ҳҵәыуарызу ҳаздыруамызт

"Ҳара зегьы Тҟәарчал ҳаҟан, сентиабр 30 шааигәахоз агәра ҳгахьан, аҵыхәтәантәи астратегиатә жәалырақәа ҳгәыӷрақәа зегьы рыдҳәалан. Сентиабр 16 инаркны есыҽны ахәышәтәырҭаҿы ҳгылан, избанзар ҳаҷкәынцәа зегьы аӡәаӡәала иԥсны иааргон. Уажәы-уажә иҟаларызеишь ҳәа ҳгәы хыҭхыҭуан, аиааира агәра шаҳгозгьы, ҳҵәыуо ҳгылан. Аҵыхәтәантәи ажәыларақәа убысҟак шьала икәабан, ҳгәырӷьарызу, ҳҵәыуарызу ҳзымдыруа. Ҳалаӷырӡи ҳаччаԥшьи еилаҭәо иҟаз мшқәан, еиҳарак аҵыхәтәантәи ахымш, цәыббра 27 инаркны 30-нӡа", - ҳәа еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Чхебелиаԥҳа: амза 27 нахысгьы Егры ҳнеиаанӡа иҭахаз аҷкәынцәа рацәоуп