Арадио

Табаӷәуа амнистиаз ақәҵаразы: шьоукы рхы иҭашәаны, адепутатцәа рхы иархәаны иҟаҵоу усуп

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа Апарламент аҿы ирыдыркылаз амнистиазы ақәҵара ахҳәаа аиҭеит.
Sputnik

Аԥсны Апарламент адепутатцәа цәыббра 24 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала амнистиазы ақәҵара рыдыркылеит.

Табаӷәуа амнистиаз ақәҵаразы: шьоукы рхы иҭашәаны, адепутатцәа рхы иархәаны иҟаҵоу усуп

"Ҩышықәса раԥхьа имҩаԥган Аԥсны амнистиа. Ҳәараҭахума, азакәан аҿы ианӡам ианымҩаԥгалатәу ҳәа, аха ҳара ҳхы иԥнамҟаӡои абас ҟауҵар шамуа. Ҳара шьоукы рхы иҭашәаны, дрыуоу дазусҭоу са исыздырам иҭаку, ргәы иҭаркит дахьҭаку ишықәс армаҷра, мамзаргьы иҭыгара. Абри рхы иҭашәаны, адепутатцәа рхы иархәаны абас иҟаҵоу усуп ҳәа агәаанагара сымоуп. Уи ԥхашьароуп. Апарламент ажәлар ианалырхуа, иҳақәгәыӷны ауп рыбжьы шҳарҭо. Ҳара аҳәынҭқарра иамыхәо, ҳхы иҭашәо, ҳхатә ус мацара ҳәа аус зуа, уи аҳәынҭқарратә хәыцра змам уаҩуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Табаӷәуа.

Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәраан ҳәа иҟаҵоу азгәаҭаҿы иубоит, "алымҳақәа" ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара адепутат.

"Уи иахьа иҭаку ауаҩы, мамзаргьы иҭаркраны иҟоу зусқәа цәгьаны иҟоу, аибашьраан деибашьуамызт, аха абри Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәара џьара дацраҳәан. Убри азоуп ус еиԥш ажәа уа изнеиз. Ҳара иҳадаҳкылоит аус, ацәгьаус ҟазҵо уаҵәы дҭыхны, ҳара ҳалызхыз ауаа ацәгьа рзиурц. Азакәан дыҿнамхӡеит - ҳара дҿаҳхырц ҳаҿуп", - ҳәа иҳәеит Табаӷәуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: