Агәалашәареи афырхаҵареи рныҳәа: Аиааира амш Аԥсны

Sputnik

1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.

Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿын.

Традициала, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш азы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Атәыла аиҳабыра, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз.

Иара убас имҩаԥган Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа "Афырхацәа рымҩала". Акциа ҩымш имҩаԥысуан, цәыббра 29 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿ иалагеит, цәыббра 30 рзы Егры инаӡеит.

Аныҳәа хыркәшан Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи арҿиаратә коллективқәеи рконцерт ала.

 

1 / 9
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц Ахьӡ-аԥша абаҳчахь иааит аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа русзуҩцәа, Аҟәа ауааԥсыра. Ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аминистррақәеи аҳәынҭқарратә еилакқәеи рнапхгаҩцәа.
2 / 9
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
3 / 9
Аахыҵ Уаԥстәылеи, Xечентәылеи, Ҟабарда-Баокариеи, Адыгатәылеи, Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи уҳәа рҟынтә 1992 шықәсазы хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчаразы игылаз аибашьцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
4 / 9
Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿзаргьы ақалақь аҟны аныҳәатә гәалаҟазаара рыман аҿар.
5 / 9
Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥган арҿиаратә коллективқәеи аестрада шәаҳәаҩцәеи злахәыз аныҳәатә концерт.
6 / 9
Аконцерт аҟны инарыгӡон аибашьра иалиааз ашәақәа.
7 / 9
Ахәыҷтәы ансамбль акәашацәа аҳәынҭқарра абираҟ кны икәашон.
8 / 9
Аныҳәа иалахәын Атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.
9 / 9
Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы 1993 шықәса, цәыббра 30 – реиҳа ихадараӡоу арыцхәқәа иреиуоуп.