Ҳашба Аиааира амшныҳәа азгәаҭаразы: имыӡроуп, абашьҭрала ицалароуп
© Sputnik
"Ари ҭоурыхуп, аибашьра шьҭа аҭоурых аҿы инхеит, ақәра змоу, аибашьар иалсыз, иахысыз изызҳауа аҿар ирзеиҭарҳәалароуп, наҟ-наҟ азы имыӡроуп, абашьҭрала ицароуп. Аиааира атәы рзеиҭаҳамҳәар, ишнеи-шнеиуа аҿар ирхашҭуа иалагар ауеит. Убри аҟнытә есышықәса ашҭаҿы еиҿаҳкаауеит аныҳәа азгәаҭара. Ахәыҷқәа ҳакәша-мыкәша иҟаҳҵо рбоит, акәац ҳажәуеит, абысҭа ҳуеит, аибашьра аҭоурых рзеиҭаҳҳәоит. Абри убас ицалароуп, иҟоу аҭоурых аҿы инхарцаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Шьакаииаԥҳа "Афырхацәа рымҩала" азы: шықәсык акциа иалахәылахаз анаҩсгьы даҳзааиуеит