Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Надараиа Гал абираҟ амца ацраҵара ахҭыс иазкны

Гал араион ԥасатәи ахада Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik аефир аҟны абираҟ амца ацраҵара ахҭыс далацәажәо иазгәеиҭеит, ус еиԥш зхы иаҭәазшьаз Гал араион аҟны инхо иеилыркаатәуп иҟаиҵаз шхлымӡааху, закәанла дахьырхәтәуп, егьырҭ избо ус еиԥш рхаҿы имааирц уаҳа.
Sputnik

Цәыббра 30 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит Гал араион аҿы аԥсуа бираҟ амца азыркыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа адырра. Араион аҟны иқәынхо Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш амца ацразҵаз иганахьала ашьаус хацыркуп. Абри атәы аанацҳаит Гал араион ахадара апресс-маҵзура. Иазгәаҭан авандализм акт аҽнышьыбжьон ишымҩаԥгаз. Сааҭк ааҵуаны ацәгьоуҩы даанкылан. Уажәазы аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

"…Иҟазҵаз абри аҩыза ахлымӡаах ус - ихәҭоу дақәыршәатәуп. Дышьтәын ҳәа зҳәақәаз ҟалеит, аха мамоу, уи иеилыркаатәуп иҟаиҵаз шьала икәабоу ҳбираҟ азы лахь иҭатәуп, егьырҭ изаҳауагьы ус еиԥш шыҟамло дырбатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

Убри аан иара иҳәеит, абираҟ ишақәнагам азныҟәаразы ҳзакәан аҟны иарбоу ҩышықәса рҟынӡа ҭакрала ҳәа ахьырхәра, мамзаргьы ахараԥса ашәара иашам ҳәа ишиԥхьаӡо. Надараиа игәаанагарала, ауаҩы, ус еиԥш абираҟ иазныҟәо, 10 шықәса рҟынӡагьы аҭакра иқәҵазар алшоит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: