Арадио

Ҳаразиа Џьамалеҭҭин Арӡынба изы: Аԥсынразы аџьабаа ду ибеит

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа зыԥсҭазаара иалҵыз апатриот ду Џьамалеҭҭин Арӡынба арадио Sputnik аефир аҟны дигәаларшәо иазгәеиҭеит уи ихшыҩ, иԥсҭазаара зегьы ижәлари Аԥсни ирыхәартә ишыҟаиҵаз.
Sputnik
Ҳаразиа Џьамалеҭҭин Арӡынба изы: Аԥсынразы аџьабаа ду ибеит

Иналукааша ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсни Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуаа ҳажәлар реимадара аус аҿы зџьабаа ӷәӷәаз, аҳақьым, ауаҩы аамысҭашәа Џьамалеҭҭин Арӡынба идунеи иԥсахит 88 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамардеит цәыббра 30 рзы Ҭырқәтәыла, Диузџьа иахьаҵанакуа.

"Иԥсҭазаара зегьы Аԥсны жәлар ирыдҳәалан. Хшыҩрҵагас иаҳхылаԥшуаз, ҳаиҿызкаауаз иакәын. Ҭырқәтәыла Аԥсуа федерациаҟны Абыргцәа рхеилак еиҳабыс дыҟан Џьамалеҭҭин Арӡынба. Иара иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп… Аԥсны аибашьра анымҩаԥысуаз, хаҭала Аԥсны ацхыраара аҭаразы Ҭырқәтәыла иаԥҵаз Кавказтәи аилазаара хантәаҩра азиуан, иара убас аҳақьым–аԥҟаҩы иаҳасабала Гагра ахәышәтәырҭаҟны аус иуит. Ҭырқәтәыла аус анызуаз, аизарақәа рҟны исгәалашәоит иқәгыларақәа, иажәа иалан ажәаԥҟа бзиа: "Бзазарас иҟоу ԥсадгьылуп, ныӡаарас иҟоу тәым дгьылуп". Иара иҳәон Аԥсны аганахьала иаҳа агәыбылра аашәырԥшы, шәыжәҩахыр иаҳа еидышәкыл ҳәа. Аԥсны ианакәызаалак хьаас иман, дацклаԥшуан ара иҟаз аҭагылазаашьа", - иҳәеит Ҳаразиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: