Џьапуаԥҳа COVID-19 азы: ушақәымгәыӷуа ирлас иҿиоит, аха агәкажьра ҟалаӡом
© Sputnik
"Аханатә шоура сымаӡамызт. Ачымазара асимптомқәа рҟнытәи аимҳәа мацара ауп аԥхьа исымаз. Раԥхьатәи амшқәа рзы зынӡа имаҷны сеимҳәон, аха ахԥатәи-аԥшьбатәи амшқәа рзы лассы-ласс иаҳагьы иӷәӷәаны аимҳәара салагеит. Аԥшьбатәи амш азы арентген аныҟасҵа, аҳақьым илгәамԥхеит илбаз. Ари ачымазара ушақәымгәыӷуа ирласны иҿиоит, уи ауп еиҳарак ишәарҭоу", - лҳәеит Џьапуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- COVID-19 аҽацәыхьчаразы аԥкырақәа амчра роуит
COVID -19 змоу ачымазаҩ: акоронавирус ыҟаӡам зҳәо ма аҳақьымцәа ирызхәыцааит