Арадио

Барцыц ауал зқәу рмазара аҭиразы: уажәраанӡа ари аус ашьапы иаҳзықәмыргылацызт

Ауал зқәу рмазара иаарту аҭиразы алаҳәара ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аилак. Аԥсны аиустициа аминистрра иаҵанакуа аусӡбаратә нагӡаҩцәа рмаҵзура аиҳабы Зураб Барцыц арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан уажәраанӡа ари аус нап задкыламыз.
Sputnik
Барцыц ауал зқәу рмазара аҭиразы: уажәраанӡа ари аус ашьапы иаҳзықәмыргылацызт

"Ауалқәа рахьынтә ҳара иҳадаҳкыло аҭира рыдҵоуп аҳәынҭқарратә мазареи ахатәреи рзы аилак. Уаанӡагьы амалуаа ирықәынкылаз амал ҭитәын, аха усҟантәи ашықәсқәа рзы ишақәнагаз уи аус ашьапы иаҳзықәмыргылеит. Еиқәыршәаны иҳамоуп асиа, ирацәаны иуҭиртә иҟоу, аха аилак ахаҭагьы усҟак макьана иазыхиам ари аус анагӡара, аҭыԥ ақәҵара. Иҟоуп изықәныҟәатәу аинструкциа: аиқәыршәашьа, аҭишьа атәы ахьаҳәо. Аспециалистцәа ахьыҟам аҟынтә маҷ-маҷла, мызкала акы-ҩба материал ҳашьҭуа ҳаицәажәан ҳаҟоуп. Уажәтәи аҭитә зегьы ишақәнагоу аԥҟарақәа ишырҳәо ишьақәырӷәӷәаны иқәыргылоуп, ԥыҭк аамҭа анцалак, ирзымҭиз ахә иагырхан еиҭа иқәдыргылоит, анаҩс еиҭа ус", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: