Башар Асад: Шьамтәыла аибашьра еилымгаӡац

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ахы акит 2011 шықәса рзы. 2017 шықәса анҵәамҭазы ирылаҳәан Шьамтәылеи Ираки иахьрыҵаркуа атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" иаиааиуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Шьамтәыла аибашьра еилымгацт, атеррористцәа рхадацәа ирыгәҭакуп иара ацҵара ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Шьамтәыла ахада Башар Асад.

"Макьаназы атеррористцәа ҳтәыла араионқәак рымпыҵакуп, еиуеиԥшым ацәгьоурақәа, ауаҩшьрақәа, арҳәрақәа мҩаԥыргоит. Ари аибашьра еилгеит ҳәа аанагаӡом. Сгәанала, дара рхадацәа ус еиҳагьы еиӷьаршьоит, дара рзы  уи еиӷьуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Атәыла араионқәак рҿы уажәгьы атеррористцәа рықәгаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Уажәазы ихадараны иҟоу аполитикатә ҭышәныртәалароуп, Шьамтәыла аиҭашьақәыргылароуп, ахҵәацәа рыргьежьроуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: