Арадио

Саӡԥҳа еиҭалҳәеит сынтәа аџьықәреи азы аҽаҩра зеиԥшроу атәы

Ҽаҩраҭагалан ишаԥу еиԥш ақыҭақәа рҿы анхацәа ҩ-напыкала аус руеит. Иааит амхҭагалара аамҭагьы. Изеиԥшроузеи сынтәатәи аҽаҩра, анхацәа рџьабаа бзабаан ирԥылеит уҳәар алшома? Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аус ҳацызуа арадиомҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа.
Sputnik
Саӡԥҳа еиҭалҳәеит сынтәа аџьықәреи азы аҽаҩра зеиԥшроу атәы

"Аҽаҩра сынтәа ицәгьам, алаԥҟьақәагьы бзиоуп, ҵыԥх аасҭа иаҳа имаҷны иҭаҳгалеит, аха аҽаҩра ахаҭабзиара ус ак ахуҳәаауа иҟам. Акызаҵәык, саб есышықәса арашәара анаҩс ацәаҳәақәа рыбжьара ицәаӷәоит, аха сынтәа уи ҳзыҟамҵеит аҟнытә, аҭәа рацәаны иаҵалеит. Ахәшә ақәаҳҭәеит, аха иахьахәаз ҳәа акгьы ҳамбеит", - ҳәа лҳәеит Саӡԥҳа.

Сусана иазгәалҭеит егьырҭ ашықәсқәа рзы анхацәа ԥырхага ду рызҭоз амармалташьтә пты сынтәа акырӡа ишмаҷхаз.

"Афҩыгарақәа ыҟоуп, аха уаанӡа аасҭа еиҵоуп. Ахәшәқәа ақәаҳҭәеит, уи ахәазаргьы ҟалап, аха ана-ара уарлашәарла акәзаргьы дара убоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Саӡԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.