Ермантәылеи Азербаиџьани Ҟарабах ахымца аамҭала аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит

Ахымца ааныркылоит жьҭаара 10 асааҭ 12:00 рзы агуманитартә хықәкы аманы атҟәацәеи иҭахази Аџьар Ҟаԥшь абжьаҟазарала реиҭныԥсахларазы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Ермантәылеи Азербаиџьани Москва имҩаԥысыз аицәажәарақәа рышьҭахь Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иааганы.

Ахымца ааныркылоит жьҭаара 10 асааҭ 12:00 рзы агуманитартә хықәкы аманы атҟәацәеи иҭахази Аџьар Ҟаԥшь абжьаҟазарала реиҭныԥсахларазы.

Ермантәылеи, Азербаиџьани, Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реицәажәара жәа-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Уи аиԥылара иалагеит Москва ахәаша, иагьхыркәшан уи асабша ауха.

Путин аԥсцәеи атҟәацәеи реимдаразы Ҟарабах аамҭала ахымца аанкылазарц иааиԥхьеит

Мнацаканиани Баирамови Москва инеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иааԥхьарала. Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ҷыдала иазгәеиҭеит ари аиқәшаҳаҭра ахьалыршахаз Путин ароль ду шынаигӡаз.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: