Ҭагалан агьама: Аԥсны аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз аҽаҩра

Sputnik

Амзар аҟны ҭагалан шарбоугьы, макьана акыр иԥхарроуп Аԥсны. Амшынҭалара аамҭа макьана ихыркәшам, аплиажқәа рҟны рыԥсы ршьоит атуристцәа, иара аҭыԥантәиқәагьы макьана иуԥылоит. Аҳауаԥхарра +23°С, +25°С иҟоуп, амаҭәа ԥхақәа макьана адулаԥқәа ирҭоуп.

Аха ҭагалан шааиз уеилдыркаауеит аҭыԥантәи аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз - ахәырма (акоролиок), аџьықәреи, ахьа, аҟаб, иара убас макьана иҵәыҵәызаргьы, ицәиаҵәоу амандарина.

Абарҭқәа зегьы рыхә ҳаракцәамкәа иааухәар улшоит Аҟәатәи аџьармыкьаҿы. Уи уажәшьҭа баша хәаахәҭырҭам, ара хымԥада атуристцәа зегьы зҭааша ҭыԥхеит. Урҭ гәахәарыла иаархәоит ашәыр, афатә архаагақәа, ашә, ажьҵаа, аԥсуа чыс хаақәа, ачаи, ацха уҳәа. Уи адагьы аҩны иҟарҵо аҩи ауаткеигьы уԥыхьашәар алшоит.

Аҟәатәи аџьармыкьа есҽны аус ауеит, ашәахьада.

1 / 11
Макьана аԥхынреиԥш ишыԥхарроугьы, амшынҭалара аамҭа макьана ишхыркәшамгьы, ҭагалан уеизгьы иааит Аԥсны. Уи ус шакәу еилукаауеит
аҭыԥантәи аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз ҭагалантәи аҽаҩра.
2 / 11
Ицәырҵхьеит амандаринақәа. Урҭ макьана усҟак иҟамлацзаргьы, рыцәҩежьра ухнахуеит.
3 / 11
Жьҭаарамзазы ахьагьы ҟалоит. Аԥсуаа уи жәны ирфоит, амца иҽҳәаҵангьы ирӡуеит. Аџьармыкьаҿы уи 100 мааҭк ҳәа иааухәар ауеит.
4 / 11
Амыҵмыџьи алимонқәеи рыԥштәы уаркалеиуа улаԥш иҵамшәар ауам, урҭ рыда ҭагалан ухахьы иагьузаагом.
5 / 11
Аҟәатәи аџьармыкьаҿы иуԥыхьашәоит аџьыка адагьы, афатә архаагақәа, аххылақәа рацәаны.
6 / 11
Акоролиоки ахәырмеи убасҟак бзиа избо рацәаҩуп, амандарина иаԥыргома уҳәаратәы. Амала ианалухуа иашам уԥыхьамшәароуп зегь реиҳа ихадоу.
7 / 11
Аԥсны аҟабгьы пату ду ақәуп.
8 / 11
Аҟаб рфоит еиҳарак ижәны. Гәырхаагас аишәа иқәырҵоит, иара аџьыка ахьшьны ирфоит, ацхагьы ахьызшьуа дубап.
9 / 11
Аџьықәреи аӡа анцәырҵлак аԥсуаа даара иеигәырӷьоит, уи алапҟьақәа жәны ма амцаҿы иӡны ирфоит, уи агьама ҽакы иалаҩашьом, хәыҷи-дуи бзиа еицырбоит. Аџьықәреи анҩалак, алапҟьақәа ҿырпны, илаганы, иалҵуа ашыла хәны, аԥсуаа зда ԥсыхәа ҳамам агәыхә - абысҭа - аларуеит.
10 / 11
Абар ҩаԥхьа ахьа - иааигәаны шәахәаԥши! Сынтәа изымфац шәыҟазар, шәыццакы аџьармыкьахь!
11 / 11
Ажәакала, шәгәалаҟазаара шьҭышәхыр, шәгәабзиарагьы шәырӷәӷәар шәҭахызар, ҽаҩраҭагалан аҳамҭақәа шәрышьҭалан шәца аҟәатәи аџьармыкьахь!