Урыстәыла COVID-19 хҭысқәа 10-20 мшы рыҩнуҵҟа ирыцымло рҽышьақәыркыр алшоит

Роспотребнадзор иазгәанаҭеит урыстәылаа еиҳа адисциплина иқәныҟәо ишалагаз, апрофилактикатә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго. Аус зуа рыхәҭак адистанциатә режим ахь ииагоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшцҵақәа рыҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. COVID-19 ачымазара еиҳа иҭышәынтәалахоит иааиуа 10-12 мшы рыҩнуҵҟа ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит Роспотребнадзор аепидемиологиаз ЦНИИ адиректор Наталиа Пшеничнаиа.

"Аԥкрақәа реиҳарак цәыббрамза анҵәамҭа - жьҭаарамза алагамҭаз иалагалан. Убри инадҳәаланы ачымазара аизҳара ԥкхар алшоит 10-20 мшы рыҩнуҵҟа ашьҭыҵра иаҟәыҵыр алшоит", - ҳәа лҳәеит Пшеничнаиа.

Лара илҳәеит урыстәылаа еиҳа адисциплина иқәныҟәо ишалагаз, апрофилактикатә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго. Аус зуа рыхәҭак адистанциатә режим ахь ииагоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшцҵақәа рыҭоуп, абарҭ зегьы ачымазара еиқәырҳәалоит. Уи иаразнакы иубарҭахом, COVID-19 аинкубациатә аамҭа ахьауу азы. 1,5 инкубациатә аамҭа цароуп ачымазара иацымло аҽыннакыларц ҳәа лҳәеит Пшеничнаиа.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>