Нхыҵ Кавказ 19 теракт аԥырҟәҟәаауп 2019 шықәса иалагазар

Урыстәыла Амилаҭтә антитеррористтә еилакы аилатәара мҩаԥган Москва, ФСБ адиректор Александр Бортников инапхгарала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Ииасыз ашықәсаахыс Нхыҵ Кавказ 60-ҩык атеррористцәа ҭархан, 19 теракт аԥырҟәҟәаан ҳәа аҳәоит Урыстәыла Амилаҭтә антитеррористтә еилакы Урыстәыла Амилаҭтә антитеррористтә еилакы адырраҭараҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҩаша, жьҭаара 13 рзы Урыстәыла Амилаҭтә антитеррористтә еилакы аилатәара мҩаԥган Москва, ФСБ адиректор Александр Бортников инапхгарала. Аилатәараҿы иахәаԥшын Нхыҵ Кавказтәи афедералтә округ асубиектқәа рҿы атерроризм аидеологиа аҿагылараз акомплекстә план анагӡашьа.

"Бортников аилатәара алахәылацәа адырра риҭеит 2019 шықәса раахыс Нхыҵ Кавказ атеррористтә хырхарҭа змаз 36 цәгьоура шаԥырҟәҟәааз, 19 теракт абрахь иналаҵаны, ишҭархаз 60-ҩык атеррористцәа, ишаанкылаз 144 цәгьауҩы, 220-ҩык урҭ рыцхырааҩцәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.