АҞӘА, жьҭаара 13- Sputnik. Урыстәылатәи COVID-19 зшьаҽуа алаҵақәа аҽа ҩба аклиникатә ԥышәарақәа ирхысуеит. Урҭ руак абри амчыбжь аҩнуҵҟала ашәҟәы иҭаргалараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
"Иахьатәи аамҭазы Урыстәылатәи COVID-19 зшьаҽуа алаҵақәа даҽа ҩба аклиникатә ԥышәарақәа ирхысуеит. Урҭ руак абри амчыбжь аҩнуҵҟала ашәҟәы иҭаргалараны иҟоуп ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Лаҵак ашәҟәы иҭагалоуп", - ҳәа иҳәеит Мурашко аконференциа "Пандемия 2020: вызовы, решения, последствия" аҟны.
Уаанӡа Роспотребнадзор апресс-маҵзура иаанацҳахьан ацентр "Вектор" аус зыднаулаз COVID-19 аҟынтәи алаҵа жьҭаара 15 рзы ашәҟәы иҭагалахоит ҳәа.
Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V". Алаҵа ҩ-хкыкны еилоуп, хымчыбжь бжьаҵаны ҩынтәны иудукылароуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Спутник V" иреиҳаӡоу ахәԥса шьақәдыргылеит
Ҟәбан акоронавирус азы алаҵа аиура иалагеит