Лавров урыстәылаа Аԥсны рхатә мазара азҵааразы: есымша ҳазҿлымҳауп

Урыстәылатәи ажурналистцәа аинтервиу анриҭоз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазҵааит Аԥсны, Ҭаџьикисҭан, Белоруссиа аурысқәа ринтересқәа ахьынӡарыхьчо азы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Урыстәыла иатәылауаау аурысқәеи ақырҭқәеи рхатә мазара Урыстәыла еснагь хшыҩзцара знаҭо зҵаароуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

"Аԥсны аиҭакрақәа ҭышәынтәалазшәа збоит, ари азҵаара хымԥада ҳазыхынҳәуеит. Амала оумашәа иубартә иҟоуп апроблема макьанагьы иахьыӡбам", - ҳәа иҳәеит Лавров.

Лавров иазгәеиҭеит Аԥсни, Ҭаџьикисҭани, Белоруссиеи рҟны Урыстәыла аҟазаара абизнес аганахьала еиҳа аԥыжәара шамоу, арҭ атәылақәа рҟны аурыс бызшәа арҵара аҩаӡара ҳаракаҿы ишыҟоу.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аинтервиу риҭеит ажурналистцәа Маргарита Симониан, Владимир Сунгоркин, Роман Бабаиан ахаша, жьҭаара 14 рзы.